Тамшь, Аҭара, Аҟәа, Мықә, Тҟәарчал, Пицунда, Москва – Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы абас еиуеиԥшым амҩақәа ирнысыз ажурналист илызкуп иахьатәи санҵамҭа. Аиааира иаҵаҵәаху ахьанҭареи, ахақәиҭра азхьреи ирымҩоуп шәаԥхьарц ишәыдызгало, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20260926/uay-eibashran-marianna-kyniaa-lgalasharaa-1065286397.html
Уаҵәы еибашьран: Марианна Кәыҵниаԥҳа лгәалашәарақәа
Уаҵәы еибашьран: Марианна Кәыҵниаԥҳа лгәалашәарақәа
Sputnik Аҧсны
Тамшь, Аҭара, Аҟәа, Мықә, Тҟәарчал, Пицунда, Москва – Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы абас еиуеиԥшым амҩақәа ирнысыз ажурналист илызкуп иахьатәи... 26.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-26T08:40+0300
2026-09-26T08:40+0300
2026-09-28T12:10+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/08/1065480825_0:226:1111:851_1920x0_80_0_0_f0bd1eebf9a78fc6d1363162c0f158a8.jpg
Уаҵәы еибашьран…Тамшь, Аҭара, Аҟәа, Мықә, Тҟәарчал, Пицунда, Москва – Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы абас еиуеиԥшым амҩақәа ирнысыз ажурналист илызкуп иахьатәи санҵамҭа. Аиааира иаҵаҵәаху ахьанҭареи, ахақәиҭра азхьреи ирымҩоуп шәаԥхьарц ишәыдызгало, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа. 33 шықәса ҵуеит Аиааира абираҟ Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иахадыргылеижьҭеи, аха иҟоуп макьангьы еиҭаҳәам аҭоурыхқәа. Урҭ ажәабжьқәа ҳазнысыз ахақәиҭра амҩа хсааланы иалдоуп. Марианна Кәыҵниаԥҳа Аҭаратәиуп, занааҭла джурналиступ, аус лухьеит еиуеиԥшым аинформациатә маҵзурақәа рҿы, иара убас, аҳәынқарратә усбарҭақәа, аԥыза-министри атәыла ахадеи рпресс-маҵзурақәа рҿы, аха лара дызнысыз имариам амҩа аӡбахә цәырганы илымҳәацызт. Иахьа шәара шәаԥхьоит аԥсуа ҭаацәара знысыз амҩа уадаҩ иазку аҭоурых.Тамшь"Аибашьра ианалагоз саҳәшьцәеи сареи ҳаншьцәа Барганџьиаа рҿы Тамшь ҳаҟан. Хәылбыҽха амшын ахь ҳцеит. 16 шықәса схымҵӡацызт усҟан. Сара амшын шьамхахьы сҭагылан аҽыкәабара бзиа избаӡом азы. Зегьы рҽеиларҳәеит, бааи бааи рҳәон. Амшын агәахьы сыԥшуан сӡаагыланы. Август 13 рзы акәын ари аныҟаз. Сышьҭахьҟа сынхьаԥшын изхысҳәааз сыздырам "Уаҵәы аибашьра ыҟан" захьӡу афильм ("Завтра была война") шәгәалашәо сҳәеит. Инеихәаԥшааихәаԥшын уамашәа ирбеит. Иабасгәалашәеи уи афильм? Аԥсуа-қырҭуа тема аҳауа иалан усҟан. Сыуацәа зегь "Аидгылара" иалан. Схаҭа уи афильм сымбаӡацызт, аха аӡбахә здыруан, цәалашәарак иснарҳәеит...", - абас лажәа ахы лкит Марианна. Ажурналист ишылгәалашәо ала, адырҩаҽны шьыжьӡа адунеи бгазшәа бжьык геит. Дара ахьынхози Тамшь иалсуа амҩадуи 400 метра рыбжьан, амшын аганахь ишьҭоу ҳаблоуп."Тамшьтәи ацҳа ԥыржәеит убасҟан. Ақыҭаҿы еилаҩеиласрахеит, аибашьра иалагеит рҳәон. Заза Занҭариа иҩызцәеи иареи злаз ардыԥхьала аҽеизгара иалагеит. Телвизорла ажәабжь ҳазыӡырҩуан, Владислав Арӡынба иааԥхьарагьы ҳбеит. Аиҿахысрақәа уамак ала иӷәӷәахеит. Нас, ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа зегьы амхырҭа ҳалаиеит уи ҳахьчозшәа.. Ашьҭахь уахынла алашьцара иалагәаны ашьхара аганхь ҳалыргеит ишшәарҭазгьы. Ақыҭа зегь анааҿы еизеит, нас аибашьцәа аан ус рҳәеит – ара шәеизаны иҟалаӡом, авертолиотқәа хылоит ишәарҭоуп ҳәа",- абас лахҿы инхеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа Марианна. Ас ианшәарҭаха лаҳәшьцәа ҩыџьеи лареи раншьцәа Аҭараҟа иалганы иргеит. Лара ишеиҭалҳәо ала, уа еиҳагьы еицәан, ақырҭқәа зынӡа иааигәаны иҟан. Марианна уи ашықәсан ашкол далгеит, лаҳәшьцәа аиҵбацәа 15 ш. зхыҵаз Мирандеи 12 ш. ирҭагылаз Астандеи ашкол аҭалара рҽазыҟарҵон, лара лакәзар аҵара аҭалара дазхәыцуан. Аха аибашьра рыхҭыгәлеит…Аҭара"Аӡәымзараӡә иҩны дахымҵӡацызт усҟан, зыҷқәынцәа абџьар шьҭырхыз налаҵаны. Аҭарааи ахалдабааи ҳаигәылацәан ҳаизыҟазаашьақәа еснагь ибааԥсын. Урҭ даара инационалистцәан, автобус аҿы ҳанеиқәшәозгьы, асааҭ заҟа ыҟои ҳәа урысшәала уразҵаар, қырҭшәала акәын аҭак шыҟарҵоз. Апровакациақәа ҟарҵон, ашхырцәаӷьҭра иаҩызан дара реилазаара. Цәыббрамза 30 шьыжь шаанӡа сааԥшит, хыхь аҩбатәи аихагылаҿы сиан. Сан шәылбаа ҳәа лыбжьы лыргеит. Сылбааит. Ҳаҩны ашьҭахь чаиҭран, абнара ыҟан. Уа ҳгәылацәа рҽырҵәахуан. Санылбаа избаз асахьа иахьагьы исхашҭуам - саҳәшьа хәыҷы Асҭанда драԥцаны ақырҭқәа равтоматқәа кны ҳашҭа иҭаланы иааиуеит. Дара ираҳахьан ҳа ҳтәқәа абнараҿы рыҽшырҵәахуаз, аԥилҭақәа замз ахацәагьы уа ишрылаз. Асҭанда шасыс даашьҭыхны, ҳаҩны иавсны ҳа ҳтәқәа рмеихысырц инеиуан. Ахалдабаа ракәушәоуп ишыздыруа, рботасқәа ирҭаԥало. Сан лакәымкәа саҳәшьа хәыҷы дышьҭырхит. Сан ҿылымҭӡеит, дрышьҭагыланы днеиуан. Аха, дара абнараҿы ауаа рацәазшәа анырба ируа рзымдырит, сан уи аамҭазы саҳәшьа ашьшьыҳәа даалымҵасын аџьықәреиҭра лҽалакны аҩныҟа дыҩналгалеит ахәыҷы, зегь ашьқаԥқәа ҳарҭалыртәеит, ҳаҩнашәқәа аартны инлыжьит. Ахалдабаа руаӡәы дныҩнаԥшит ҳаҩны, сан ашә давҵагылан, дибар илгәыдиҵон аха, аӡәгьы дыҟамшәа инарбан ашә лаиркын дцеит. Нас, убра абна илаз зегьы раԥхьа иргыланы ҳашҭа иҭыганы идәықәыргалеит. Ҳааигәара ашәыр ахьрыдыркыло хыбрак ыҟан, убра иҩнаргалеит. Убра ирылаз Аслан Зураб-иԥа Кәыҵниа дырцәыбналеит аԥенџьыр дкылԥаны. Дцаны ҳа ҳтәқәа иреиҳәеит зегьы ахьыҩнаркыз ахыбра иамеихсырц. Ҳара ачаиҭра ҳалаланы ҳҽаҳҵәахит. Уахь инеит Сергеи Кәыҵниа иҭаацәагьы. Иаҳбон аҳабла ҩнқәа акакала ишырбылуаз. Алҩаҵә илеиуаз ажәҩан еиманакуан. Ҳбора амца анацрарҵа ахыб иақәыз ашифер антҟәацуаз ҳахьтәаз иҳақәыԥсон. Анаҩс, авертолиотқәа ҳхалеит, ахысбыжьқәа гон. Аҭаратәи аклуб ԥыржәеит. Иргаз ҳауаажәлар ирзыруз ҳаздырӡомызт, ашьҭахь излаҳаҳаз ала, иеибашьыртә иҟаз аҷкәынцәа изныкымкәа ирылганы ирыххысаауан, автоматла ирысуан. Ианыхәла ақырҭқәа Аҭара иалҵит ртехника рыманы.. Ҳара ҳтәқәа уи аҽны ажәылара ҟарымҵеит, бџьарла ихиамызт азы. Нас, иоурыжьит иргаз, избанзар, Аҭара ҳгеит рҳәан, аҩнқәа зегь рбылхьан усгьы. Наа аганхь Игорь Ҭамел-иԥа Кәыҵниа дыршьит дырҿашәан. Аԥсны Қырҭтәыла ауп ҳәа уҳәароуп анырҳәа. Аԥсны Аԥсны ауп иҳәеит. Ирацәаҩуп уи аҽны ҳаҷкәынцәа ирхәыз. Аума ыҟан ахысра ҳәа. Дара атрасса инаныланы ицеит Аҭара ҳара иаҳтәуп ҟарҵан. Аибашьра еибашьран, аха аҩны цахақәак сыԥшаан, апионерцәа ргалстукқәа, нас ахәдакәырша иаҵәа, ашьаршьаф уҳәа ирылхны аԥсуа бираҟ сӡахит. Ахаан акгьы сымӡахӡацызт, аха убас исҭахны иҟасҵеит. Аиҳабацәа абри ҳақәӡуеит рҳәон, аха ҳанҽаҳҵәахуаз исыцын ҳахьцалакгьы. Аеҵәақәа, анапсыргәыҵа уҳәа исҩычеит сбираҟ. Ҳшаиааиуаз здыруан сара, абри шьҭысхырц сҭахын аиааира амш азы. Инаӡааӡо абираҟ ҟасҵеит",- абас иҟан аибашьра алагамҭазтәи Аҭаратәи ахҭысқәа Марианна лыблақәа рыла.Аҭаратәи аибашьцәа аҽеибыҭара иалагеит аӷа иҿагыларазы. Марианараа ракәзар, Џьгьардаҟа ицеит раб иаҳәшьа лахь. Уа ахҵәацәа рацәаҩӡан, ԥыҭк ашьҭахь аҩныҟа игьежьит. "Ҳҳаблаҿы Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аветеранцәагьы ыҟан. Панта Кәыҵниа ихы кылжәаны иҟан динвалидын, иԥҳәыс Ҭаликәагьы иаргьы 80 шықәса ирҭысхьан изеиҭаҵӡомызт. Ҳаҩны ашьҭахь ачаиҭрақәа рҿы ҳаб иашьа иҟаиҵеит аҽыҵәахырҭа. Убра ҳаизо ҳалагеит. Уа ҳааигәара аерманцәа рқыҭа ыҟан, Аракьаҽы. Убрахь ҳцеит. Сан Светлана Барганџьиаԥҳа акыршықәса урҭ рышкол аҿы аус лухьан анемец бызшәа арҵаҩыс, рбызшәагьы лдыруан. Сан абызшәақәа дрызҟазан – анемцец, ақырҭшәа, аерман, ашәан уҳәа аԥсуеи аурыси аламҵакәа имаҷымкәа абызшәақәа лҳәон. Абыргцәеи ахәыҷқәеи уа инҳажьып лгәахәит. Абыргцәа шәымцәажәалан, шәҿаҳаушәа ҟашәҵала ҳәа раҳҳәеит. Мышкы, ҩымш ҳрычҳаит, ахԥатәи амшаз ҳхы ҳацәшәоит шәахьааз шәца рҳәеит. Убарҭ ҳбыргцәа асы илганы иааҳгеит. Сергеи Кәыҵниа иан ибӷа дықәҵаны дааигон дызныҟәомызт 90 ш лхыҵуан.Ашықәс ҿыц, нас АҟәаҟаАқырҭқәа лассы-лассы ақыҭаҿы иааны иналс-ҩалсны ицалон. Декабр 25 рзы Марианараа рааигәара рпозициа кны итәеит ақырҭқәа. …Ӡнын, асы шьҭан, аха амза каххаа иҟан, ашықәс ҿыц ааимҭаз абназара иарааԥсаз Марианаара рыҩныҟа ианыгьежьуаз. Уи аамаҭазы аҩны дырҳәхьан, хыза, гәабан зхыло акгьы нмыжькәа идәылыргахьан. Лажәабжь иацылҵоит Марианна: "Сан ақырҭцәагьы ауаа ршьа рылоуп ҳашԥаршьри уи гәнаҳароуп лҳәан, ́акыр ихәланы аҩныҟа ҳааит, аха ацәашьы узаркӡом. Ҳбыргцәагьы ҳара иҳацын. Ақырҭуа бызшәа ҳаҳауан иааиагәаӡаны, аха иаҳгәаӷьит. Ҳацәар ҳҭахын ҳақәианы, аха акаруаҭ хьшәашәақәа роуп инхаз. Асаара ак шьҭан илашаӡа, исықәысҵап сҳәан снакьысзар, арҵәааҳәа сыҳәҳәеит, иԥхан, егьи иршьыз ҳажә шкәакәа ацәа акәзаап. Ауаҩы дышьны дкажьыз џьысшьан сшәеит. Уи аҩыза ашықәс ҿыц хашҭшьа амоума? Агәабанҵәҟьа зқәымыз акаруаҭқәа ҳрықәиан, аха ҳаилаҳәан. Асааҭ 12 рзы 1993 ш. ҳанҭалоз убас ахысра ҳәа цәырыргеит ақырҭқәа ҳәашьа узамҭо...".Ианша Света ӡык аазгап ҳәа лыԥсы ӡаны дындәылҵызар, аҩны ашьҭахь аснаипер иҭирҟьаз ахы лывҟьеит. Лыԥшәма Дореи Алиошеи, Славики Кәыҵниаа ахьындәылҵыз ақырҭқәа ирымпыҵашәеит. Урҭ абџьар рықәкны аҩны иааҩналеит. Славик Панта-иԥа аҭӡамц дадыргыланы иххысаауан, исуан автомат ашьхәала - ара аҩны аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа умҳәази ҳәа иҳәҳәон. Аҳәса ӷьаҵәыӷьаҵәуан. Убри аамҭазы Марианна лан даарылҵын агвардиауаа рахь лҿыналхеит. Абар Марианна лхаҭа уи шылгәалашәо: "Ҳан дааҳалҵны дара рахь лҿаныналха, агвардиауаа руаӡәы Света, ара бабаҟаз иҳәеит урысшәала. Иара дшәаныуан иаҳәшьеиҳабы сан дылҩызан. Данҿаз дычмазыҩханы дыԥсхьан, убри лцынхәрас сан иаҳәшьас дҟарҵахьан. Еибамбеижьҭеи акыр ҵуан. Иавтомат аалаирҟәын, егьырҭгьы адҵа риҭеит рабџьар инахарц. Сыԥсы ҭанаҵы арҭ ауаа рыхцәхәыц камшәароуп иҳәеит. Нас, зегь ҳаизганы автоуск ҳҭартәаны ҳалигарц иӡбеит. Аҟәа аҳабла ҿыцаҿ уаҭахк ҳаҩнарҵеит. Ҳрыԥсахуеит ҳәа игәы иҭеикит сгәахәуеит. Демур ихьӡын ашәануа. Қәҭешьтәи қьырала еибашьра иааз аермангьы дрыцын урҭ Аҟәа ҳаазгаз агвардиауаа. Буба, ма Али Баба ҳәа иарҳәон хьыӡшьараны, дгәымбылџьбаран исаҳахьан иӡбахә. Ҳаныргоз автобус ала, ҳабажәго ҳәа аерман бызшәала сан данҵаа, берманума иҳәеит. Аха, иаразнак Демур дыбжьалан дақырҭуоуп иҳәеит. Уи ус дызлазҵааз бзиаӡа аерман бызша лҳәон азоуп. Аԥхьа Гәылрыԥшь аштаб аҿы ҳааргеит. Сара сбираҟ сгәы иҵхон. Уа ҳҿахәы ҳҿырхуан. Ҳрыԥсахырц рҭахын. Ианвар 5 Аҟәа аныргоз ҳара ҳҭаацәа уаҭахк аҿы ҳаҩнарҵеит. Арадио ыҟан уа ауадаҿы. Абжьы рхәыҷны ҳазыӡырҩуан. А́ҭара ҳаныҟаз иалагахьан, аха иҳаздырӡомызт. Ара арадио аҿы иманшәаламхаз ажәылара ҳәа Арӡынба иқәгылара ҳаҳаит. Ҳҵәуон ҳӷьазкны. Нас, Вова Никонов даацәырҵны ҳгәы зырӷәӷәашаз ажәабжьқәа цәыригеит. Сара сзеиԥхыӡуаз абри аибашьра еилгар Владимир Никонов дызбандаз ҳәа акәын. Иара ибжьы аибашьраҿы аиааиразы иҳахәоит ҳәа исыԥхьаӡон. Мышқәак уа ҳаҟан, нас аиҭныԥсахларазы ҳа ҳтәқәа зегьы автобус ҳҭартәаны еиҭа Аҭараҟа ҳааргеит. Убра ақырҭуа ԥырҩы Маисураӡе ивертолиот ҭадырхеит. Убри ишьҭан дара. Иблыз аҩнқәа ҳрылганы наҟ ақыҭа агәахьы газопровд ҳәа иахьашьҭаз ҳнаргеит. Шәҩыла еиқәных агвардиауаа гылан. Сан рбызшәа лымыруаз азы иҳалҳәахьан аиҭныԥсахлара ргәы ишҭоу. Акыраамҭа ҳаԥшын. Ус ҷкәына қәыԥшк дҵәуо даалԥылеит сан. Иара иҳәеит Горинтәи сааит ҳәа. Уара иузымдырӡо Аԥсны шышәзымго ҳәа ибызшәала диацәажәеит. Ҳара ҳаршьыргьы аԥсуа жәлар уаҳа даҽа дгьылк рымаӡам. Ишәызгаӡом лҳәеит. Иара сыҩныҟа сцарц сҭахуп иҳәеит, дыхьҭашьуан. Ара аԥсацәа рымацара иҟаӡам Нхыҵ-Кавказ зегь ааит, ачеченцәа, аҟабардақәа рацәаҩуп, ижәылоит лҳәеит. Дара урҭ рыӡбахә анраҳалакгьы, еилаԥсон", - лҳәоит Марианна. Аиҭныԥсахлара ҟамлаӡеит аҽны. Аԥырҩы ибаҩ рзымԥшааит. Аҩныҟа идырхынҳәуеит Марианараа, аха иааны ирхылаԥшуан, ԥыҭрак ашьҭахь идәықәыргалеит Очамчыраҟа. Дара 11-ҩык ыҟан, урҭ рыбжьара иӡҟқәази имаҷӡаз ахәыҷқәеи. "Еицыз Очамыраҟа ҳдәықәыргалеит. Аҟәеи Очамчыреи иалдоу амҩаду шәарҭан, аиҿахысра ҟалар ҳҭахон. Анҭ абыргцәа ҳәа сызҿыз, урҭ Аҭара рыҩны инхеит иузгогы иҟамызт", - илгәалалыршәоит ажурналист.Очамчыра - МықәАҭараа реиҭныԥсахлара амш макьана иааигәамызт. Нодар Перцхалиа ҳәа аӡәы инапы ианырҵан Аҟәеи Очамчреи иагәылго амҩаду ала Очамыраҟа ахы археит изҭатәаз амашьына. Ихәланы Очамчыра Нодар ҩнык аҿы инаргеит. "Ичмазаҩыз ԥҳәыс быргк лиарҭа даагәылҵит ҳаҳьнаргаз. Нодар лԥа иакәзаап, дижәлеит. Уара аԥсацәа иуцрызҳаит, урыцкәашон, аԥсуа чеиџьыка иуфахьо ухашҭма, абарҭ ушьырц иааугама лҳәеит қырҭшәала. Иара ансамбль "Шьараҭын" далазаарын. Сан илаҳауан ари зегьы. Иара, сан арҭ еиқәсырхарц сҭахуп иҳәеит. Зегьы акраҳҿалҵеит. Ҳрыцҳахәха ҳаҟан, иаҳшәыз, иаҳхаз зҳәаз еиԥш. Иара шьыжьла џьара дцон, игәианны даауан. Ҳаԥсы ӡаны ҳаҟан, ҳцәажәаӡомызт. Ҳабналарцгьы сазхәыцуан, сан дыхҭаскит уи азы, аха илуамызт, иааҳакәыршан зегь рнапы иакуп ҳҭахоит ҳәа", - абас иалагеит Очамчыратәи аҭоурых.Очамчыра мышқәак иҟан аҭараа, аха ари аԥшәма аҩны ихабар ҟамлеит. Иҟалап иҩны аԥсуаа ахьыҟаз азы удаҩрақәак иоузар, нас арҭ даҽа ҩнык ахь ииаргоит. Февраль мзоуп ари аныҟаз. Ԥсыуа ҩнын, Торчуаак иртәын иахьнанагаз. Уа инхоз акырҭцәа рԥацәа зегь еибашьуан. Штабшәа ирыман аԥсуаа рыҩны. "Қырҭшәала ицәажәон, аха сан зегь лаҳауан азы дхаҳәха деиқәшәы дтәан. Акы шәацәымшәан, ҳаԥсахра атема ауп ирымо лҳәон ҳа ҳахь. Кәачара жәаҩаҩык дара ртәқәа ҭахазаап. Рыбаҩқәа рмоуит. Ҳара ҳанкыланы ҳазрымаз даҽа ҩыџьаҟа аԥсуаа ԥшааны ҳаршьырц акәын. Абри иалацәажәозаарын. Қырҭуак дрыцын зсахьа ҿаасҭаз аӡәы. Ихәда Кәачара иршьыз иашьеиҵбы иамулет ахшьын. Ҳганы ҳшыршьуаз иалацәажәон. Сан илаҳауан, аха иҳалымҳәеит. Аибашьра анҵәамҭазы 50 ш. зхыҵуаз сан лыхцәы амсыр қьаад еиԥш ишкәакәан, убас дышлеит. Убра аӷьыч нага (вор в законе) ҳәа изышьҭаз аӡә дрылан, деибашьӡомызт, аиҭныԥсахларақәа дрылахәын. Ҷуки (Аҳәынаԥ) ҳәа ахьӡҷыда иман Лепартиа ижәлан. Абџьар зманы ицыз рацәаҩын, дзыхьчоз ракәу сыздырам. Сан бымцәажәан лымҳәоз, аха схы-сҿы ианыԥшуан ацәымӷра. Абри ́Ҷуки даасҿаԥшын, ас бызҳахәаԥшуеи иҳәеит. Ҿысҭӡом. Автомат бҭахума? Ибысҭар иҟабҵои иҳәеит. Амц сҳәозар, исыцыз ауаа ыҟоуп. Абас ҿаасҭит – аби автомат сара истәызар ақырҭқәа зегь среихсны исшьуан. Сани, аӡҟы дызмаз Заира Ҭҳаиҵыкә лаҳәшьеи( Кәыҵниаа дрыман) инеиқәыԥсы ицеит. Ари аӡӷаб хәыҷы илҳәо ухахьы иааумган ҳәа аӷьаҵәыӷьаҵәра далагеит уи аԥҳәыс. Сангьы ԥштәы лхаӡамызт. 15-ҩык автомат зку агвардиауаа ахьтәо ухәыҷы абри аҩыза лҳәар ушԥаҟало? Насгьы, лара ҳаршьырц шырҭахыу лдыруан. Сара сшәаӡомызт, аха егьырҭ ахьыусура иалагеит. Иара Ҷуки даасыхәаԥшын, нас егьырҭ агвардиауаа днарыхәаԥшын – ахьаԥырч аԥсы шҭоу ишузылбаамдо еиԥш, аԥсуаагьы риааишьа ыҟаӡам иҳәеит урысшәала. Убри аамҭазы ани Перцахалиа Очамчыра ҳаазгаз дааит. Алафеҭ еиԥш ак зыцраҳәаз машьынак ааит. Иаргьы дҳацуп. Арадуҟа шәаҳгоит иҳәеит, амала шәымцәажәан ҳәа ́ҳадиҵеит. Амҩан қырҭуа еибашьҩык дгылан, амашьына ааникылан дақәтәеит. Аха, даапкны дшыҟаз убон. Ԥсыуак дызбарц сҭахуп, саҳәшьаԥа дҭахеит ишьа зуроуп иҳәеит. Аха, ҳазгоз дахыргеит цәажәарала. Араду ҳнаргеит. Ауахәама аусзуҩ, милаҭла иаурысыз ԥшьаҩык даҳԥылеит. Иара дҳацын ҳара ҳалақәа ҿаҳәаны ҳахьыргоз. Х-́́ҭаацәарак еицыз зегьы Мықәҟа ҳрышьҭит. Ҳаилаԥсаны хҩы-хҩыла шәца рҳәеит. Ҳхьамԥшӡакәа ҳцон, ҳшәон амҩан аминақәа ыҵазар ҳәа. Ҩымш иаҿын аиҭныԥсахлара, сани саҳәшьа Мирандеи ааргеит аҵыхәтәаны. Аԥсуаа анаҳԥыла сгәырӷьаҵәа сҟалеит. Сымҩашьозар штабын ҳахьнаргаз, Баҭал Џьапуа, Рудик Тәанба (Ақәџьма) збеит. Сара урҭ санырҿаԥшы аиааиара шаҳгоз агәра згаӡеит. Нас, уа ҳаншьа иԥҳәыс лҭаацәа Багаҭелиаа неин рыҩныҟа Ҭхьынаҟа ҳаргеит, нас Тҟәарчалҟа ҳцеит. Зегь ҳаибганы ҳалҵит, аха игәаҳҭеит сан лгәы рахәымкәа дшыҟалаз. Нас, афурақәа рыла Тҟәарчалынтәи Аҟәа Алашарбага аҳабла ҳаргеит, нас Пицундаҟа",- абас иҟоуп Марианна леиҭаҳәа.Пицунда - МоскваИун мза иҭагылан аҭараа Пицунда ианнеи. Аҟәараҿы инеиааиуаз ауаа ԥхны маҭәала еилаҳәан. Дара аӡын маҭәа ршәын, уаҳа даҽа маҭәак рымамызт усгьы, аха амшын иаҵәҟаҟараӡа ахыԥшылара насыԥны ирбеит ааӡаб зхыхзгаз ауаа. Марианараа игәарҭеит ран Света лчымазара аҽшарӷәӷәаз, убри аҟынтә рацәак Пицунда инымхеит. Марианна лани лареи, рнапы изакәызаалакгьы шәҟәык акымызт азыҳәан рыуацәа Гәдоуҭаҟа ирган Урыстәылаҟа ицаратәы еиқәдыршәеит. "Ашәҟәқәа еиқәдыршәан Москваҟа ҳрышьҭит онкологиатә центр ахь. Убра иҳаҳаит Аҭара инхаз абыргцәа Пантеи Ҭаликәеи рыҩны ашҭаҿы иршьит ҳәа. Дԥырҟеит сан. Лара данԥырҟоз Аҟәа ахақәиҭтәра иақәшәеит. Ҳара ҳаиааир шәышықәса снеиуеит лҳәон. Аиааира амш азы сара Каширка аԥенџьыр ахышә сықәтәан, сан лыхәра еиҭаҿарҳәарц дыргеит. Арадио аҿакын. Сыԥоз џьысшьеит Аиааира аӡбахә ансаҳа. Сыҩуа апалата сыҩналеит. Сан данаарга илдыруан. Лҳақьым дааины илыдылныҳәалеит, избанзар уа дышьҭанаҵы Аԥсны ахақәиҭтәра акәын дызлацәажәоз. Аԥсны шыҟало ббап шьҭа лҳәеит. Владислав убас иҟаиҵоит атәым ҳәынҭқаррақәа ҳазхарҵо, амала ҳара ҳзеидгылар", - лҳәоит Марианна Мскватәи ахҭысқәа лгәаларшәо. АҩныҟаМарианна лан иҵегь ареабилитациа зҭахыз лакәын, лгәыԥҳәы акьыба чымазара иахҟьаны иамырхит, аха илымукәа Аԥсныҟа ддәықәлеит. Декабр мзазы Марианна лан длыманы дааит Аԥсныҟа. Лаҳәшьцәа аахьан, Аҟәа уаҭахк иҩнан. Убри аамҭазы Светлана Барганџьиаԥҳа лыԥҳацәеи лареи рзы иҟалеит даҽа хҭыс бааԥсык. Ачымазара макьана иалымҵыцыз аԥҳәыс илаҳаит, лыԥшәма, лхәыҷкәа раб иҭаацәа кажьны даҽа ԥҳәыск лахь дышцаз. Иҟалап даҽаӡәызар уи аӡбахә лымҳәаргьы, аха Марианна илымӡеит рани дареи уи ахҭыс ршьапы ишықәнарҟьаз, ишизранамыжьыз. "Сара атәым уада сҭахым, Аҭараҟа сцоит лҳәеит сан. Ҳаҩны былӡамызт, аха ҿыц анхара иалагатәхеит. Саҳшәшьцәа ашкол ахь ицеит, сара 1994 ш. аҵара сҭалеит. Сан лдунеи лыԥсахит 1998 шықәсазы. Аибашьараҿы илхылгаз, нас ҳаб ицаргьы лзеицылан рацәак дзымнеит. Ҳара абарҭқәа ҳхаҳгазаргьы, ҳашьцәа Кәыҵниаа, ҳҳабла, цәгьала ҳарҭахын, иаҳзыԥшын убри ҳгәы аргәӷәон. Ҳаб данца, ҳан уахь лыгьежьра иааирак еиԥш ирыдыркылеит ҳазлатәаз зегьы. Аҭӡамцқәа рыда кгьы амамызт ҳаҩны, ҳара ҳзы амҿы ааргон рхазы иааргаанӡа. Аҩны ахыб ҳзыҟарҵеит. Ауҭра, асыҭра дшычмазҩызгьы иҟалҵон сан, амала ашкол ахь аусура дызҭымҵзеит. Исӡахыз абирҟаҟ ахьцаз ҳамбеит, ҳфото-альбом нымхеит, амца алеиқәырҵон ақырҭқәа. Иахьа иҳамоу ҳауацәа иҳарҭақәаз роуп. Срызгәыдууны исҳәоит ҳара ҳҳаблаҿы абџьар шьҭызхратәы иҟаз ҳашьцәа зегьы 15 ш. зхыҵуаз Нуга Кәыҵниа инаиркны, аӷа ишиҿагылаз. Убри адагьы, ҳара ҳаныгьежьы бӷас иҳауз дара роуп", - зҳабла иазыхынҳәыз Света лыԥҳацәеи лареи адгылара роуит Марианна ишеиҭалҳәо ала.Абас иҟоуп Марианна Кәыҵниаԥҳәа лгәалашәарақәа. Лаҳәшьцәа иреиҵбу Асҭанда дҭаацәароуп, егьырҭ иахьагьы ақыҭаҿы рыҩны иахагылоуп, рани рашьцәеи раҳ́аҭыразы, аԥсуара аҳаҭыразы…
https://sputnik-abkhazia.info/20210814/Sakhasyuaz-azy-srypon-aibashra-rakhati-amsh-iatsu-agalasharaa-1033032528.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200930/Myshky-iiz-myshky-dysueit--aibashra-zhlar-rytraditsia-ishanyshyz-1031026615.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
2026
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
1920
1080
true
1920
1440
true
1920
1920
true
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
252
60
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Тамшь, Аҭара, Аҟәа, Мықә, Тҟәарчал, Пицунда, Москва – Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы абас еиуеиԥшым амҩақәа ирнысыз ажурналист илызкуп иахьатәи санҵамҭа. Аиааира иаҵаҵәаху ахьанҭареи, ахақәиҭра азхьреи ирымҩоуп шәаԥхьарц ишәыдызгало, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа.
33 шықәса ҵуеит Аиааира абираҟ Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иахадыргылеижьҭеи, аха иҟоуп макьангьы еиҭаҳәам аҭоурыхқәа. Урҭ ажәабжьқәа ҳазнысыз ахақәиҭра амҩа хсааланы иалдоуп. Марианна Кәыҵниаԥҳа Аҭаратәиуп, занааҭла джурналиступ, аус лухьеит еиуеиԥшым аинформациатә маҵзурақәа рҿы, иара убас, аҳәынқарратә усбарҭақәа, аԥыза-министри атәыла ахадеи рпресс-маҵзурақәа рҿы, аха лара дызнысыз имариам амҩа аӡбахә цәырганы илымҳәацызт. Иахьа шәара шәаԥхьоит аԥсуа ҭаацәара знысыз амҩа уадаҩ иазку аҭоурых.
"Аибашьра ианалагоз саҳәшьцәеи сареи ҳаншьцәа Барганџьиаа рҿы Тамшь ҳаҟан. Хәылбыҽха амшын ахь ҳцеит. 16 шықәса схымҵӡацызт усҟан. Сара амшын шьамхахьы сҭагылан аҽыкәабара бзиа избаӡом азы. Зегьы рҽеиларҳәеит, бааи бааи рҳәон. Амшын агәахьы сыԥшуан сӡаагыланы. Август 13 рзы акәын ари аныҟаз. Сышьҭахьҟа сынхьаԥшын изхысҳәааз сыздырам "Уаҵәы аибашьра ыҟан" захьӡу афильм ("Завтра была война") шәгәалашәо сҳәеит. Инеихәаԥшааихәаԥшын уамашәа ирбеит. Иабасгәалашәеи уи афильм? Аԥсуа-қырҭуа тема аҳауа иалан усҟан. Сыуацәа зегь "Аидгылара" иалан. Схаҭа уи афильм сымбаӡацызт, аха аӡбахә здыруан, цәалашәарак иснарҳәеит...", - абас лажәа ахы лкит Марианна.
Ажурналист ишылгәалашәо ала, адырҩаҽны шьыжьӡа адунеи бгазшәа бжьык геит. Дара ахьынхози Тамшь иалсуа амҩадуи 400 метра рыбжьан, амшын аганахь ишьҭоу ҳаблоуп.
"Тамшьтәи ацҳа ԥыржәеит убасҟан. Ақыҭаҿы еилаҩеиласрахеит, аибашьра иалагеит рҳәон. Заза Занҭариа иҩызцәеи иареи злаз ардыԥхьала аҽеизгара иалагеит. Телвизорла ажәабжь ҳазыӡырҩуан, Владислав Арӡынба иааԥхьарагьы ҳбеит. Аиҿахысрақәа уамак ала иӷәӷәахеит. Нас, ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа зегьы амхырҭа ҳалаиеит уи ҳахьчозшәа.. Ашьҭахь уахынла алашьцара иалагәаны ашьхара аганхь ҳалыргеит ишшәарҭазгьы. Ақыҭа зегь анааҿы еизеит, нас аибашьцәа аан ус рҳәеит – ара шәеизаны иҟалаӡом, авертолиотқәа хылоит ишәарҭоуп ҳәа",- абас лахҿы инхеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа Марианна.
Ас ианшәарҭаха лаҳәшьцәа ҩыџьеи лареи раншьцәа Аҭараҟа иалганы иргеит. Лара ишеиҭалҳәо ала, уа еиҳагьы еицәан, ақырҭқәа зынӡа иааигәаны иҟан. Марианна уи ашықәсан ашкол далгеит, лаҳәшьцәа аиҵбацәа 15 ш. зхыҵаз Мирандеи 12 ш. ирҭагылаз Астандеи ашкол аҭалара рҽазыҟарҵон, лара лакәзар аҵара аҭалара дазхәыцуан. Аха аибашьра рыхҭыгәлеит…
"Аӡәымзараӡә иҩны дахымҵӡацызт усҟан, зыҷқәынцәа абџьар шьҭырхыз налаҵаны. Аҭарааи ахалдабааи ҳаигәылацәан ҳаизыҟазаашьақәа еснагь ибааԥсын. Урҭ даара инационалистцәан, автобус аҿы ҳанеиқәшәозгьы, асааҭ заҟа ыҟои ҳәа урысшәала уразҵаар, қырҭшәала акәын аҭак шыҟарҵоз. Апровакациақәа ҟарҵон, ашхырцәаӷьҭра иаҩызан дара реилазаара. Цәыббрамза 30 шьыжь шаанӡа сааԥшит, хыхь аҩбатәи аихагылаҿы сиан. Сан шәылбаа ҳәа лыбжьы лыргеит. Сылбааит. Ҳаҩны ашьҭахь чаиҭран, абнара ыҟан. Уа ҳгәылацәа рҽырҵәахуан. Санылбаа избаз асахьа иахьагьы исхашҭуам - саҳәшьа хәыҷы Асҭанда драԥцаны ақырҭқәа равтоматқәа кны ҳашҭа иҭаланы иааиуеит. Дара ираҳахьан ҳа ҳтәқәа абнараҿы рыҽшырҵәахуаз, аԥилҭақәа замз ахацәагьы уа ишрылаз. Асҭанда шасыс даашьҭыхны, ҳаҩны иавсны ҳа ҳтәқәа рмеихысырц инеиуан. Ахалдабаа ракәушәоуп ишыздыруа, рботасқәа ирҭаԥало. Сан лакәымкәа саҳәшьа хәыҷы дышьҭырхит. Сан ҿылымҭӡеит, дрышьҭагыланы днеиуан. Аха, дара абнараҿы ауаа рацәазшәа анырба ируа рзымдырит, сан уи аамҭазы саҳәшьа ашьшьыҳәа даалымҵасын аџьықәреиҭра лҽалакны аҩныҟа дыҩналгалеит ахәыҷы, зегь ашьқаԥқәа ҳарҭалыртәеит, ҳаҩнашәқәа аартны инлыжьит. Ахалдабаа руаӡәы дныҩнаԥшит ҳаҩны, сан ашә давҵагылан, дибар илгәыдиҵон аха, аӡәгьы дыҟамшәа инарбан ашә лаиркын дцеит. Нас, убра абна илаз зегьы раԥхьа иргыланы ҳашҭа иҭыганы идәықәыргалеит. Ҳааигәара ашәыр ахьрыдыркыло хыбрак ыҟан, убра иҩнаргалеит. Убра ирылаз Аслан Зураб-иԥа Кәыҵниа дырцәыбналеит аԥенџьыр дкылԥаны. Дцаны ҳа ҳтәқәа иреиҳәеит зегьы ахьыҩнаркыз ахыбра иамеихсырц. Ҳара ачаиҭра ҳалаланы ҳҽаҳҵәахит. Уахь инеит Сергеи Кәыҵниа иҭаацәагьы. Иаҳбон аҳабла ҩнқәа акакала ишырбылуаз. Алҩаҵә илеиуаз ажәҩан еиманакуан. Ҳбора амца анацрарҵа ахыб иақәыз ашифер антҟәацуаз ҳахьтәаз иҳақәыԥсон. Анаҩс, авертолиотқәа ҳхалеит, ахысбыжьқәа гон. Аҭаратәи аклуб ԥыржәеит. Иргаз ҳауаажәлар ирзыруз ҳаздырӡомызт, ашьҭахь излаҳаҳаз ала, иеибашьыртә иҟаз аҷкәынцәа изныкымкәа ирылганы ирыххысаауан, автоматла ирысуан. Ианыхәла ақырҭқәа Аҭара иалҵит ртехника рыманы.. Ҳара ҳтәқәа уи аҽны ажәылара ҟарымҵеит, бџьарла ихиамызт азы. Нас, иоурыжьит иргаз, избанзар, Аҭара ҳгеит рҳәан, аҩнқәа зегь рбылхьан усгьы. Наа аганхь Игорь Ҭамел-иԥа Кәыҵниа дыршьит дырҿашәан. Аԥсны Қырҭтәыла ауп ҳәа уҳәароуп анырҳәа. Аԥсны Аԥсны ауп иҳәеит. Ирацәаҩуп уи аҽны ҳаҷкәынцәа ирхәыз. Аума ыҟан ахысра ҳәа. Дара атрасса инаныланы ицеит Аҭара ҳара иаҳтәуп ҟарҵан. Аибашьра еибашьран, аха аҩны цахақәак сыԥшаан, апионерцәа ргалстукқәа, нас ахәдакәырша иаҵәа, ашьаршьаф уҳәа ирылхны аԥсуа бираҟ сӡахит. Ахаан акгьы сымӡахӡацызт, аха убас исҭахны иҟасҵеит. Аиҳабацәа абри ҳақәӡуеит рҳәон, аха ҳанҽаҳҵәахуаз исыцын ҳахьцалакгьы. Аеҵәақәа, анапсыргәыҵа уҳәа исҩычеит сбираҟ. Ҳшаиааиуаз здыруан сара, абри шьҭысхырц сҭахын аиааира амш азы. Инаӡааӡо абираҟ ҟасҵеит",- абас иҟан аибашьра алагамҭазтәи Аҭаратәи ахҭысқәа Марианна лыблақәа рыла.
Аҭаратәи аибашьцәа аҽеибыҭара иалагеит аӷа иҿагыларазы. Марианараа ракәзар, Џьгьардаҟа ицеит раб иаҳәшьа лахь. Уа ахҵәацәа рацәаҩӡан, ԥыҭк ашьҭахь аҩныҟа игьежьит. "Ҳҳаблаҿы Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аветеранцәагьы ыҟан. Панта Кәыҵниа ихы кылжәаны иҟан динвалидын, иԥҳәыс Ҭаликәагьы иаргьы 80 шықәса ирҭысхьан изеиҭаҵӡомызт. Ҳаҩны ашьҭахь ачаиҭрақәа рҿы ҳаб иашьа иҟаиҵеит аҽыҵәахырҭа. Убра ҳаизо ҳалагеит. Уа ҳааигәара аерманцәа рқыҭа ыҟан, Аракьаҽы. Убрахь ҳцеит. Сан Светлана Барганџьиаԥҳа акыршықәса урҭ рышкол аҿы аус лухьан анемец бызшәа арҵаҩыс, рбызшәагьы лдыруан. Сан абызшәақәа дрызҟазан – анемцец, ақырҭшәа, аерман, ашәан уҳәа аԥсуеи аурыси аламҵакәа имаҷымкәа абызшәақәа лҳәон. Абыргцәеи ахәыҷқәеи уа инҳажьып лгәахәит. Абыргцәа шәымцәажәалан, шәҿаҳаушәа ҟашәҵала ҳәа раҳҳәеит. Мышкы, ҩымш ҳрычҳаит, ахԥатәи амшаз ҳхы ҳацәшәоит шәахьааз шәца рҳәеит. Убарҭ ҳбыргцәа асы илганы иааҳгеит. Сергеи Кәыҵниа иан ибӷа дықәҵаны дааигон дызныҟәомызт 90 ш лхыҵуан.
Ақырҭқәа лассы-лассы ақыҭаҿы иааны иналс-ҩалсны ицалон. Декабр 25 рзы Марианараа рааигәара рпозициа кны итәеит ақырҭқәа. …Ӡнын, асы шьҭан, аха амза каххаа иҟан, ашықәс ҿыц ааимҭаз абназара иарааԥсаз Марианаара рыҩныҟа ианыгьежьуаз. Уи аамаҭазы аҩны дырҳәхьан, хыза, гәабан зхыло акгьы нмыжькәа идәылыргахьан. Лажәабжь иацылҵоит Марианна: "Сан ақырҭцәагьы ауаа ршьа рылоуп ҳашԥаршьри уи гәнаҳароуп лҳәан, ́акыр ихәланы аҩныҟа ҳааит, аха ацәашьы узаркӡом. Ҳбыргцәагьы ҳара иҳацын. Ақырҭуа бызшәа ҳаҳауан иааиагәаӡаны, аха иаҳгәаӷьит. Ҳацәар ҳҭахын ҳақәианы, аха акаруаҭ хьшәашәақәа роуп инхаз. Асаара ак шьҭан илашаӡа, исықәысҵап сҳәан снакьысзар, арҵәааҳәа сыҳәҳәеит, иԥхан, егьи иршьыз ҳажә шкәакәа ацәа акәзаап. Ауаҩы дышьны дкажьыз џьысшьан сшәеит. Уи аҩыза ашықәс ҿыц хашҭшьа амоума? Агәабанҵәҟьа зқәымыз акаруаҭқәа ҳрықәиан, аха ҳаилаҳәан. Асааҭ 12 рзы 1993 ш. ҳанҭалоз убас ахысра ҳәа цәырыргеит ақырҭқәа ҳәашьа узамҭо...".
Ианша Света ӡык аазгап ҳәа лыԥсы ӡаны дындәылҵызар, аҩны ашьҭахь аснаипер иҭирҟьаз ахы лывҟьеит. Лыԥшәма Дореи Алиошеи, Славики Кәыҵниаа ахьындәылҵыз ақырҭқәа ирымпыҵашәеит. Урҭ абџьар рықәкны аҩны иааҩналеит. Славик Панта-иԥа аҭӡамц дадыргыланы иххысаауан, исуан автомат ашьхәала - ара аҩны аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа умҳәази ҳәа иҳәҳәон. Аҳәса ӷьаҵәыӷьаҵәуан. Убри аамҭазы Марианна лан даарылҵын агвардиауаа рахь лҿыналхеит. Абар Марианна лхаҭа уи шылгәалашәо: "Ҳан дааҳалҵны дара рахь лҿаныналха, агвардиауаа руаӡәы Света, ара бабаҟаз иҳәеит урысшәала. Иара дшәаныуан иаҳәшьеиҳабы сан дылҩызан. Данҿаз дычмазыҩханы дыԥсхьан, убри лцынхәрас сан иаҳәшьас дҟарҵахьан. Еибамбеижьҭеи акыр ҵуан. Иавтомат аалаирҟәын, егьырҭгьы адҵа риҭеит рабџьар инахарц. Сыԥсы ҭанаҵы арҭ ауаа рыхцәхәыц камшәароуп иҳәеит. Нас, зегь ҳаизганы автоуск ҳҭартәаны ҳалигарц иӡбеит. Аҟәа аҳабла ҿыцаҿ уаҭахк ҳаҩнарҵеит. Ҳрыԥсахуеит ҳәа игәы иҭеикит сгәахәуеит. Демур ихьӡын ашәануа. Қәҭешьтәи қьырала еибашьра иааз аермангьы дрыцын урҭ Аҟәа ҳаазгаз агвардиауаа. Буба, ма Али Баба ҳәа иарҳәон хьыӡшьараны, дгәымбылџьбаран исаҳахьан иӡбахә. Ҳаныргоз автобус ала, ҳабажәго ҳәа аерман бызшәала сан данҵаа, берманума иҳәеит. Аха, иаразнак Демур дыбжьалан дақырҭуоуп иҳәеит. Уи ус дызлазҵааз бзиаӡа аерман бызша лҳәон азоуп. Аԥхьа Гәылрыԥшь аштаб аҿы ҳааргеит. Сара сбираҟ сгәы иҵхон. Уа ҳҿахәы ҳҿырхуан. Ҳрыԥсахырц рҭахын. Ианвар 5 Аҟәа аныргоз ҳара ҳҭаацәа уаҭахк аҿы ҳаҩнарҵеит. Арадио ыҟан уа ауадаҿы. Абжьы рхәыҷны ҳазыӡырҩуан. А́ҭара ҳаныҟаз иалагахьан, аха иҳаздырӡомызт. Ара арадио аҿы иманшәаламхаз ажәылара ҳәа Арӡынба иқәгылара ҳаҳаит. Ҳҵәуон ҳӷьазкны. Нас, Вова Никонов даацәырҵны ҳгәы зырӷәӷәашаз ажәабжьқәа цәыригеит. Сара сзеиԥхыӡуаз абри аибашьра еилгар Владимир Никонов дызбандаз ҳәа акәын. Иара ибжьы аибашьраҿы аиааиразы иҳахәоит ҳәа исыԥхьаӡон. Мышқәак уа ҳаҟан, нас аиҭныԥсахларазы ҳа ҳтәқәа зегьы автобус ҳҭартәаны еиҭа Аҭараҟа ҳааргеит. Убра ақырҭуа ԥырҩы Маисураӡе ивертолиот ҭадырхеит. Убри ишьҭан дара. Иблыз аҩнқәа ҳрылганы наҟ ақыҭа агәахьы газопровд ҳәа иахьашьҭаз ҳнаргеит. Шәҩыла еиқәных агвардиауаа гылан. Сан рбызшәа лымыруаз азы иҳалҳәахьан аиҭныԥсахлара ргәы ишҭоу. Акыраамҭа ҳаԥшын. Ус ҷкәына қәыԥшк дҵәуо даалԥылеит сан. Иара иҳәеит Горинтәи сааит ҳәа. Уара иузымдырӡо Аԥсны шышәзымго ҳәа ибызшәала диацәажәеит. Ҳара ҳаршьыргьы аԥсуа жәлар уаҳа даҽа дгьылк рымаӡам. Ишәызгаӡом лҳәеит. Иара сыҩныҟа сцарц сҭахуп иҳәеит, дыхьҭашьуан. Ара аԥсацәа рымацара иҟаӡам Нхыҵ-Кавказ зегь ааит, ачеченцәа, аҟабардақәа рацәаҩуп, ижәылоит лҳәеит. Дара урҭ рыӡбахә анраҳалакгьы, еилаԥсон", - лҳәоит Марианна. Аиҭныԥсахлара ҟамлаӡеит аҽны. Аԥырҩы ибаҩ рзымԥшааит. Аҩныҟа идырхынҳәуеит Марианараа, аха иааны ирхылаԥшуан, ԥыҭрак ашьҭахь идәықәыргалеит Очамчыраҟа. Дара 11-ҩык ыҟан, урҭ рыбжьара иӡҟқәази имаҷӡаз ахәыҷқәеи. "Еицыз Очамыраҟа ҳдәықәыргалеит. Аҟәеи Очамчыреи иалдоу амҩаду шәарҭан, аиҿахысра ҟалар ҳҭахон. Анҭ абыргцәа ҳәа сызҿыз, урҭ Аҭара рыҩны инхеит иузгогы иҟамызт", - илгәалалыршәоит ажурналист.
Аҭараа реиҭныԥсахлара амш макьана иааигәамызт. Нодар Перцхалиа ҳәа аӡәы инапы ианырҵан Аҟәеи Очамчреи иагәылго амҩаду ала Очамыраҟа ахы археит изҭатәаз амашьына. Ихәланы Очамчыра Нодар ҩнык аҿы инаргеит. "Ичмазаҩыз ԥҳәыс быргк лиарҭа даагәылҵит ҳаҳьнаргаз. Нодар лԥа иакәзаап, дижәлеит. Уара аԥсацәа иуцрызҳаит, урыцкәашон, аԥсуа чеиџьыка иуфахьо ухашҭма, абарҭ ушьырц иааугама лҳәеит қырҭшәала. Иара ансамбль "Шьараҭын" далазаарын. Сан илаҳауан ари зегьы. Иара, сан арҭ еиқәсырхарц сҭахуп иҳәеит. Зегьы акраҳҿалҵеит. Ҳрыцҳахәха ҳаҟан, иаҳшәыз, иаҳхаз зҳәаз еиԥш. Иара шьыжьла џьара дцон, игәианны даауан. Ҳаԥсы ӡаны ҳаҟан, ҳцәажәаӡомызт. Ҳабналарцгьы сазхәыцуан, сан дыхҭаскит уи азы, аха илуамызт, иааҳакәыршан зегь рнапы иакуп ҳҭахоит ҳәа", - абас иалагеит Очамчыратәи аҭоурых.
Очамчыра мышқәак иҟан аҭараа, аха ари аԥшәма аҩны ихабар ҟамлеит. Иҟалап иҩны аԥсуаа ахьыҟаз азы удаҩрақәак иоузар, нас арҭ даҽа ҩнык ахь ииаргоит. Февраль мзоуп ари аныҟаз. Ԥсыуа ҩнын, Торчуаак иртәын иахьнанагаз. Уа инхоз акырҭцәа рԥацәа зегь еибашьуан. Штабшәа ирыман аԥсуаа рыҩны. "Қырҭшәала ицәажәон, аха сан зегь лаҳауан азы дхаҳәха деиқәшәы дтәан. Акы шәацәымшәан, ҳаԥсахра атема ауп ирымо лҳәон ҳа ҳахь. Кәачара жәаҩаҩык дара ртәқәа ҭахазаап. Рыбаҩқәа рмоуит. Ҳара ҳанкыланы ҳазрымаз даҽа ҩыџьаҟа аԥсуаа ԥшааны ҳаршьырц акәын. Абри иалацәажәозаарын. Қырҭуак дрыцын зсахьа ҿаасҭаз аӡәы. Ихәда Кәачара иршьыз иашьеиҵбы иамулет ахшьын. Ҳганы ҳшыршьуаз иалацәажәон. Сан илаҳауан, аха иҳалымҳәеит. Аибашьра анҵәамҭазы 50 ш. зхыҵуаз сан лыхцәы амсыр қьаад еиԥш ишкәакәан, убас дышлеит. Убра аӷьыч нага (вор в законе) ҳәа изышьҭаз аӡә дрылан, деибашьӡомызт, аиҭныԥсахларақәа дрылахәын. Ҷуки (Аҳәынаԥ) ҳәа ахьӡҷыда иман Лепартиа ижәлан. Абџьар зманы ицыз рацәаҩын, дзыхьчоз ракәу сыздырам. Сан бымцәажәан лымҳәоз, аха схы-сҿы ианыԥшуан ацәымӷра. Абри ́Ҷуки даасҿаԥшын, ас бызҳахәаԥшуеи иҳәеит. Ҿысҭӡом. Автомат бҭахума? Ибысҭар иҟабҵои иҳәеит. Амц сҳәозар, исыцыз ауаа ыҟоуп. Абас ҿаасҭит – аби автомат сара истәызар ақырҭқәа зегь среихсны исшьуан. Сани, аӡҟы дызмаз Заира Ҭҳаиҵыкә лаҳәшьеи( Кәыҵниаа дрыман) инеиқәыԥсы ицеит. Ари аӡӷаб хәыҷы илҳәо ухахьы иааумган ҳәа аӷьаҵәыӷьаҵәра далагеит уи аԥҳәыс. Сангьы ԥштәы лхаӡамызт. 15-ҩык автомат зку агвардиауаа ахьтәо ухәыҷы абри аҩыза лҳәар ушԥаҟало? Насгьы, лара ҳаршьырц шырҭахыу лдыруан. Сара сшәаӡомызт, аха егьырҭ ахьыусура иалагеит. Иара Ҷуки даасыхәаԥшын, нас егьырҭ агвардиауаа днарыхәаԥшын – ахьаԥырч аԥсы шҭоу ишузылбаамдо еиԥш, аԥсуаагьы риааишьа ыҟаӡам иҳәеит урысшәала. Убри аамҭазы ани Перцахалиа Очамчыра ҳаазгаз дааит. Алафеҭ еиԥш ак зыцраҳәаз машьынак ааит. Иаргьы дҳацуп. Арадуҟа шәаҳгоит иҳәеит, амала шәымцәажәан ҳәа ́ҳадиҵеит. Амҩан қырҭуа еибашьҩык дгылан, амашьына ааникылан дақәтәеит. Аха, даапкны дшыҟаз убон. Ԥсыуак дызбарц сҭахуп, саҳәшьаԥа дҭахеит ишьа зуроуп иҳәеит. Аха, ҳазгоз дахыргеит цәажәарала. Араду ҳнаргеит. Ауахәама аусзуҩ, милаҭла иаурысыз ԥшьаҩык даҳԥылеит. Иара дҳацын ҳара ҳалақәа ҿаҳәаны ҳахьыргоз. Х-́́ҭаацәарак еицыз зегьы Мықәҟа ҳрышьҭит. Ҳаилаԥсаны хҩы-хҩыла шәца рҳәеит. Ҳхьамԥшӡакәа ҳцон, ҳшәон амҩан аминақәа ыҵазар ҳәа. Ҩымш иаҿын аиҭныԥсахлара, сани саҳәшьа Мирандеи ааргеит аҵыхәтәаны. Аԥсуаа анаҳԥыла сгәырӷьаҵәа сҟалеит. Сымҩашьозар штабын ҳахьнаргаз, Баҭал Џьапуа, Рудик Тәанба (Ақәџьма) збеит. Сара урҭ санырҿаԥшы аиааиара шаҳгоз агәра згаӡеит. Нас, уа ҳаншьа иԥҳәыс лҭаацәа Багаҭелиаа неин рыҩныҟа Ҭхьынаҟа ҳаргеит, нас Тҟәарчалҟа ҳцеит. Зегь ҳаибганы ҳалҵит, аха игәаҳҭеит сан лгәы рахәымкәа дшыҟалаз. Нас, афурақәа рыла Тҟәарчалынтәи Аҟәа Алашарбага аҳабла ҳаргеит, нас Пицундаҟа",- абас иҟоуп Марианна леиҭаҳәа.
Иун мза иҭагылан аҭараа Пицунда ианнеи. Аҟәараҿы инеиааиуаз ауаа ԥхны маҭәала еилаҳәан. Дара аӡын маҭәа ршәын, уаҳа даҽа маҭәак рымамызт усгьы, аха амшын иаҵәҟаҟараӡа ахыԥшылара насыԥны ирбеит ааӡаб зхыхзгаз ауаа. Марианараа игәарҭеит ран Света лчымазара аҽшарӷәӷәаз, убри аҟынтә рацәак Пицунда инымхеит. Марианна лани лареи, рнапы изакәызаалакгьы шәҟәык акымызт азыҳәан рыуацәа Гәдоуҭаҟа ирган Урыстәылаҟа ицаратәы еиқәдыршәеит. "Ашәҟәқәа еиқәдыршәан Москваҟа ҳрышьҭит онкологиатә центр ахь. Убра иҳаҳаит Аҭара инхаз абыргцәа Пантеи Ҭаликәеи рыҩны ашҭаҿы иршьит ҳәа. Дԥырҟеит сан. Лара данԥырҟоз Аҟәа ахақәиҭтәра иақәшәеит. Ҳара ҳаиааир шәышықәса снеиуеит лҳәон. Аиааира амш азы сара Каширка аԥенџьыр ахышә сықәтәан, сан лыхәра еиҭаҿарҳәарц дыргеит. Арадио аҿакын. Сыԥоз џьысшьеит Аиааира аӡбахә ансаҳа. Сыҩуа апалата сыҩналеит. Сан данаарга илдыруан. Лҳақьым дааины илыдылныҳәалеит, избанзар уа дышьҭанаҵы Аԥсны ахақәиҭтәра акәын дызлацәажәоз. Аԥсны шыҟало ббап шьҭа лҳәеит. Владислав убас иҟаиҵоит атәым ҳәынҭқаррақәа ҳазхарҵо, амала ҳара ҳзеидгылар", - лҳәоит Марианна Мскватәи ахҭысқәа лгәаларшәо.
Марианна лан иҵегь ареабилитациа зҭахыз лакәын, лгәыԥҳәы акьыба чымазара иахҟьаны иамырхит, аха илымукәа Аԥсныҟа ддәықәлеит. Декабр мзазы Марианна лан длыманы дааит Аԥсныҟа. Лаҳәшьцәа аахьан, Аҟәа уаҭахк иҩнан. Убри аамҭазы Светлана Барганџьиаԥҳа лыԥҳацәеи лареи рзы иҟалеит даҽа хҭыс бааԥсык. Ачымазара макьана иалымҵыцыз аԥҳәыс илаҳаит, лыԥшәма, лхәыҷкәа раб иҭаацәа кажьны даҽа ԥҳәыск лахь дышцаз. Иҟалап даҽаӡәызар уи аӡбахә лымҳәаргьы, аха Марианна илымӡеит рани дареи уи ахҭыс ршьапы ишықәнарҟьаз, ишизранамыжьыз. "Сара атәым уада сҭахым, Аҭараҟа сцоит лҳәеит сан. Ҳаҩны былӡамызт, аха ҿыц анхара иалагатәхеит. Саҳшәшьцәа ашкол ахь ицеит, сара 1994 ш. аҵара сҭалеит. Сан лдунеи лыԥсахит 1998 шықәсазы. Аибашьараҿы илхылгаз, нас ҳаб ицаргьы лзеицылан рацәак дзымнеит. Ҳара абарҭқәа ҳхаҳгазаргьы, ҳашьцәа Кәыҵниаа, ҳҳабла, цәгьала ҳарҭахын, иаҳзыԥшын убри ҳгәы аргәӷәон. Ҳаб данца, ҳан уахь лыгьежьра иааирак еиԥш ирыдыркылеит ҳазлатәаз зегьы. Аҭӡамцқәа рыда кгьы амамызт ҳаҩны, ҳара ҳзы амҿы ааргон рхазы иааргаанӡа. Аҩны ахыб ҳзыҟарҵеит. Ауҭра, асыҭра дшычмазҩызгьы иҟалҵон сан, амала ашкол ахь аусура дызҭымҵзеит. Исӡахыз абирҟаҟ ахьцаз ҳамбеит, ҳфото-альбом нымхеит, амца алеиқәырҵон ақырҭқәа. Иахьа иҳамоу ҳауацәа иҳарҭақәаз роуп. Срызгәыдууны исҳәоит ҳара ҳҳаблаҿы абџьар шьҭызхратәы иҟаз ҳашьцәа зегьы 15 ш. зхыҵуаз Нуга Кәыҵниа инаиркны, аӷа ишиҿагылаз. Убри адагьы, ҳара ҳаныгьежьы бӷас иҳауз дара роуп", - зҳабла иазыхынҳәыз Света лыԥҳацәеи лареи адгылара роуит Марианна ишеиҭалҳәо ала.
Абас иҟоуп Марианна Кәыҵниаԥҳәа лгәалашәарақәа. Лаҳәшьцәа иреиҵбу Асҭанда дҭаацәароуп, егьырҭ иахьагьы ақыҭаҿы рыҩны иахагылоуп, рани рашьцәеи раҳ́аҭыразы, аԥсуара аҳаҭыразы…
| # | Наименование новости | Тональность | Информативность | Дата публикации |
|---|---|---|---|---|
| 1 | Кьычԥҳа еиҭалҳәеит АЗХ аҟны имҩаԥысран иҟоу аиԥылара атәы | 0 | 10.63 | 24-09-2026 |
| 2 | "Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны | 0 | 10.58 | 03-10-2026 |
| 3 | Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларатә усура назыгӡоз анардадаратә еиҿкаара аҳамҭақәа ранаршьеит | 0 | 8.04 | 05-10-2026 |
| 4 | Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит атәыла ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рықәымчра азҵаара атәы | 0 | 7.9 | 09-10-2026 |
| 5 | Гәдалиеи Аџьбеи еиҭарҳәеит ҳаамҭаз арҵаҩы иҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа ртәы | 0 | 8.04 | 05-10-2026 |
| 6 | Қапԥҳаи Кәыҵниаԥҳаи азааҭгылеит аицлабра ахықәки аиааира згаз рпроектқәеи ртәы | 0 | 5 | 01-06-2026 |
| 7 | Аршба еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи игәалашәарақәа ртәы | 0 | 5.78 | 04-10-2026 |
| 8 | Логәуа еиҭеиҳәеит иусумҭақәа Москва рцәыргақәҵа амҩаԥысшьа атәы | 0 | 7.86 | 12-10-2026 |
| 9 | Ҟәыруа еиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аԥхын аусура шеиҿкаахо | 0 | 5 | 07-05-2026 |
| 10 | ГIалгIайчуьра а, Кхарачой-Чергазийчуьра а бахархой уггар а мискачу эцархошлахь бу Оьрсийчохь | 0 | 12.49 | 27-07-2026 |